Learn abkhazian

Lesson 13

Contents:
Continuation of the alphabet: new letters and sounds (ҳ, ҳә)
Work with vocabulary
Consolidation

ҳ ҳә; ҳ ҳә

ҳ is pronounced like h, with the aspirate variant ҳә

New words and expressions.

Ҳара' we (first person plural pronoun), short form ҳ(а)-) уара ҳара иҳа'уҭеит you (a man) gave it (inanimate class) to us А'дгәыр иҳа'иҭеит Адгур it (inanimate class) gave us. Ҳара' ҳцеит. We have left. Ҳара' иааҳге'ит. We brought it (inanimate class).
аҳара' to listen. Сара' исаҳауе'ит. I am listening. Сара' исаҳа'ит. I heard.
аҳа'уа air; climate. Ара' аҳа'уа бзи'оуп. Here is good air (a good climate).
аҳа'бла village. Ари' аҳа'блаҟны сҩы'за дынхо'ит. My friend lives in this village.
аҳақьы'м doctor. Сашьа' дҳақьы'муп. My brother is a doctor.
аҳала'л good; kind. Ка'ма дҳала'луп. Kama is kind.
аҳҭны'қалақь capital (city). Аҧсны' аҳҭны' қалақь А'ҟәа а'уп. Sukhum is the capital of Abkhazia.
аҳәара' talk, speak, say, tell. Сара' исҳәо'ит. I'll say. Сара' иба'сҳәоит. I'll tell you (a woman).
а'ҳәара ask. Сара' Алха'с си'ҳәеит. I asked Alhas.
ҳәа particle that introduces a clause that tells someone something (≈ that). Дце'ит ҳәа са'лҳәеит. She said that he left.
аҧҳәы'с woman; wife; а'ҳәса women.
а(иа)ҳәшьа а'(и)еҳәшьа sister. Ка'ма саҳәшьа' ло'уп Kama is my sister. Кама дсаҳәшьо'уп. Kama is my sister.
аҳәынҭқа'рра state, nation. Ҳара' ҳҳәынҭқа'рра Аҧсны' а'уп. Our nation is Abkhazia.

Ҳара А'ҟәа ҳанхоит. А'ҟәа Аҧсны аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь ауп. Сара сынхоит Аҳабла ҿыц аҟны. Ара аҳауа бзиоуп. Шьыжьла амшын ахь сцалоит. Аҟалаҟь агәаҟны саҳәшьа дынхоит. Уи дҳақьымуп. Зегьы ирҳәоит, саҳәшьа дуаҩы ҳалалуп ҳәа.

We live in Sukhum. Sukhum is the capital of the Republic of Akhazia. I live in a new village. Here is good air (a good climate). In the mornings I walk to the sea. My sister lives in the centre of the city. She's a doctor. Everyone says that my sister is a kind person.

Аҧсны аҳәынҭқарра literally means "Nation of Abkhazia".

Exercise 1
Choose the corresponding form of the verb аҳара' to listen and аҳәара' to speak.

Present tense
сара исаҳауе'ит сара исҳәо'ит
уара ... уара ...
бара ... бара ...
иара ... иара ...
лара ... лара ...
иара (кл. неодуш.) ... иара (кл. неодуш.) ...
Past perfect tense
сара исаҳа'ит сара исҳәе'ит
уара ... уара ...
бара ... бара ...
иара ... иара ...
лара ... лара ...
иара (кл. неодуш.) ... иара (кл. неодуш.) ...
(Answers)

Exercise 2
Translate to Abkhazian.

1. We went to the sea. 2. My and my sister Naala love the sea. 3. In the mornings we love to walk along the sea coast. 4. Here is always good air. 5. In the evening it was windy, the sea was calm, we bathed together. 6. My sister is clever, kind, quiet. 7. My sister is a doctor. 8. Everyone says that she has a good character. 9. She lives in Sukhum. 10. Today she should go home. 11. I'll take her in the car.
(Answers)

Exercise 3
Make a dialog.
You meet a friend. He/she lives in Tkvarchal. He/she is waiting for a car. He/she doesn't know the number of the car, but it's yellow. You have a friend Naala etc. Don't forget to say goodbye!

Exercise 4
Choose the correct variant of the three.

лара 1) дҳалалуп 2) иҳалалуп 3) бҳалалуп
иаҳәшьа 1) илҳәоит 2) иуҳәоит 3) исҳәоит
аҳақьым 1) исҳәеит 2) илҳәеит 3) ибҳәеит
ҳара 1) ицеит 2) ҳцеит 3) дцеит
Адгәыр 1) иҳалҭеит 2) иҳабҭеит 3) иҳаиҭеит
зегьы ара 1) ҳанхоит 2) дынхоит 3) бынхоит
(Answers)

Exercise 5
Join the beginning and end of the sentences.

Ари аҳаблаҟны
Аҧсны аҳҭнықалақь
Ҳара ҳцеит
Сашьа иҟазшьа
Кама, арахь бааи
Сареи саҳәшьеи
Аҟәа ауп.
бзиоуп.
Кама днаскьаагеит.*
сыҩны (и)бсырбоит.
амшын ахь.
саҳәшьа дынхоит.

* In transitive verbs indicating first person plural ҳ- changes to а-. Днаскьаҳгоит > днаскьаагоит; иаҳбоит > иаабоит.
(Answers)

Exercise 6
In each of these sentences is a mistake.
Correct them.

1. Ҳара иааигеит акәац. 2. Кама акәац ала илҭоит. 3. Сара дыҧшуп. 4. Иацы сара Ахра Аҟәа уибеит. 5. Лара ашкол аҟны аус буеит. 6. Ҳара шьыжьла амшын ахь сцалоит. 7. Наала имашьына ҟаҧшьуп. 8. Кама ара узгылои? 9. Зегьы иуҳәоит, ара аҳауа бзиоуп ҳәа. 10. Адгәыр иҳабҭеит ақьаад бҕьыц.
(Answers)

Exercise 7
Using these words, make sentences.
You already did similar tasks so you should be used to it!

1. Аҧсны, аҳҭны6ала6ь, ауп, Аҟәа.
2. Сара, днаскьазгеит, иацы, Кама.
3. Бааи, Дамеи, (и)бирбоит, Кама, аҩны.
4. Сыҟоуп, сара, аҩны, иахьа.
5. Уи, зегьы, лҟазшьа, ирҳәоит, ҳәа, бзиоуп.
6. Саҳәшьа Наалеи, амшын, иаабоит, бзиа, сареи.
7. Ақалаҟь, сцароуп, ахь, машьынала.
8. Ақьаад, бҕьыц, Ахра, Дамеи (и)ҳаиҭароуп, уааи.
9. Сцалоит, шьыжьла, ахь, сара, амшын.
(Answers)

Comments powered by Disqus.